Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иааиуа Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иааиуа Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит
30 December 2025 80

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иааиуа Ашықәс ҿыц идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп:

«Ииасуа ашықәс, ииашаҵәҟьаны имариамыз, аԥышәара дуқәа зцыз шықәсын. Шәара шәнапхгарала, Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟаполитикатә усбарҭа аусура, урыстәылатәи аҳәынҭқарра аинтересқәа ԥсахрадеи ламсцқьалеи рымаҵ аурала имҩаԥысит.

Ашықәс ҿыц аламҭалазы гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, шәзанааҭтә усураҿы ақәҿиарақәа, шәгәы иҭашәкуа ахықәкқәа зегьырынагӡара.

Агәра ганы сыҟоуп ашықәс ҿыц аиԥыларақәа рзы еиҳа иманшәалоу аҿыҵгақәеи ҩ-усбарҭак еиҳа иактиву реинырреи шаҳзаанаго, ҩ-ганктәи аусеицура арӷәӷәара ишацхраауа».

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: