Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иира Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп:
«Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа адипломатиатә миссиа, еицакра ақәымкәа, ахаангьы аҩаӡара ҳарак ду амоуп.
Убри инаваргыланы шәхатә ҟазшьақәа — ажәа ашәара-азара, адиалог азаартра, астратегиатә лаԥшҳәаа – аинырра иҷыдоу алҵшәеи агәрагаратә ҟазшьеи арҭоит.
Гәык-ԥсык ала иҭабуп ҳәа сҳәоит хра злоу аусеицуреи, агәреибагаратә диалоги, ҳажәларқәа реизҳазыӷьаразы аидгыларатәи аиашьаратәи еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы хаҭалатәи шәлагалеи рзы».
Олег Барцыц Михаил Шургалин изеиӷьеишьеит агәабзиара, инымҵәаӡо аенергиа, аихьӡара ҿыцқәа, ихатә ԥсҭазаараҿы анасыԥ шьарда.