Ажәабжь ҿыцқәа

4 June 2021 1282 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоган, Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Гарибашвили Ҭырқәтәыла иҟазаараан «Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи реимак ҭынчымҩала аҭыԥ иқәҵатәуп Қырҭтәыла акзаара аҳәаа иҭагӡаны» ҳәа ииҳәаз оумашәа ибаны иазхьаԥшит.
29 May 2021 675 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азынанашьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымраз Акт адкылара амшаз
28 May 2021 704 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла адипломат Имш инамаданы.
25 April 2021 1083 Анотақәа
Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы мшаԥы 25 рзы Шьамтәыла иҟоу Асултанат Оман азинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Турки Бен Махмуд Аль-Бусаиди Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытабеи еиԥылеит.
17 April 2021 758 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа русқәа рзи аминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Ахьыԥшымра амш 75-шықәса ахыҵра инамаданы.
8 April 2021 702 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изынаишьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев, Аахыҵ Уаԥстәыла Аконституциа адкылара амш 20 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.
26 March 2021 650 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла  ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев имшира идиныҳәалеит.
15 March 2021 1186 Анотақәа
Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба дидныҳәалеит.Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изааишьҭит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
5 March 2021 610 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә напынҵақәеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин имшира идиныҳәалеит.
25 February 2021 591 Анотақәа
Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: