Ажәабжь ҿыцқәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота нанашьҭит Ареспублика Науру Адәныҟатәи аусқәеиахәаахәҭреи Рдепартамент ахь адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәгылара жәа-шықәса рхыҵра инамаданы
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изынеишьҭит Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, Урыстәылатәи Афедерациаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ашьаҭаркраз Аусԥҟа анапы аҵаҩуижьҭеи 11 шықәса аҵра инадҳәаланы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба британиатәи аҵарауаҩ, кавказҭҵааҩ, Лондонтәи ауниверситет Мрагыларатәии Африкатәии аҭҵаарақәа Рышкол апрофессор, Британиа Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳаҭыртә лахәыла, Жәларбжьаратәи Аҭҵаарадырратә ачерқьестә академиа аҳаҭыртә лахәыла, Британиа иҟоу Аԥсны аҳаҭыртә консул, «Ахьӡ-аԥша» аорден занашьоу Џьорџь Хиуит 70-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.
Абҵара 7 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿ Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрр Даур Ақаҩба дидикылеит Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аилак амиссиа ахада Максим Забалуев. Иара аминистр диирдырит Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь аилак амиссиа ахадараҟны иара дзыԥсахраны иҟоу Маттиас Ваинраих.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Ареспублика Арцах Адәныҟатәи аусқәа рминистр Масис Маилиан амшира идиныҳәалеит
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота нанашьҭит Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 10-шықәса ахьҵыз инамаданы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота нанашьҭит Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 10-шықәса ахьҵыз инамаданы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аԥсни Урыстәылеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеижьҭеи жәеиза шықәса аҵра инадҳәаланы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Ашьха Ҟарабахтәи Ареспублика Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Масис Маилиани аминистрра аилазаареи рахь адныҳәаларатә шәҟәы наишьҭит Ареспублика 28 шықәсазтәи Амшныҳәа инадҳәаланы.