Ажәабжь ҿыцқәа

12 February 2018 946 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дула ирыдыркылеит аҳаирплан АН-148 акаҳара, 71-ҩык ауааԥсыра рҭахара. Дарбанызаалак Аԥсны атәылауаҩ игәаҵанӡа инаргӡаны идикылеит абри агәаҟра.
11 February 2018 960 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр сергеи Лавров адныҳәаларатә шәҟәы азишьҭит.
6 February 2018 1496 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Азинмчра нагӡа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба имшира идиныҳәалеит.
15 December 2017 910 Анотақәа
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота нанашьҭит Ареспублика Науру Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адипломатиатә еизыҟазаашьақәа аашықәса рхыҵра инамаданы
12 December 2017 1268 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа амш азгәаҭара инамаданы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр сергеи Лавров дидныҳәалеит. Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
11 December 2017 1539 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи аусзуҩцәеи идныҳәалеит аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ, Ауаажәларратә палата алахәыла, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа уаанӡатәи рминистр Сократ Џьынџьал.
10 December 2017 1005 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ашьха Ҟарабахтәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ашҟа адныҳәаларатә нота ашьҭит Аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы ареферендум Амши Аконституциа амши инарыдҳәаланы.
7 December 2017 1196 Анотақәа
1988 шықәса ԥхынҷкәын 7 рзы иҟалаз, ауааԥсыра рацәа рыԥсҭазаарақәа ҿахызҵәаз адгьылҵысра алахьеиқәратә мшы инадҳәаланы Ермантәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь инашьҭу адашшыларатә шәҟәы аҟны иаҳәоит:
28 November 2017 1019 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дениса Роналдо Монкада имшира идиныҳәалеит.
23 November 2017 951 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев идиныҳәалеит Аахыҵ Уаԥстәыла иазгәарҭо афырхаҵареи жәлар ракзаара Амши рныҳәа.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: