Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба имшира идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иаҳәоит:
«Ҳаҭыр зқәу Инал Бату-иԥа!
Шәара шәҟазара ҳараки шәыуаҩратә ҟазшьақәеи азгәаҭо исҭахуп инаҵшьны иазгәасҭарц Аԥсны адәныҟатәи аполитика амҩаԥгараҿы хьаҵра шшәымам, ишшәырӷәӷәо Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аполитикатәи адипломатиатәи еизыҟазаашьақәа.
Агәра ганы сыҟоуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аусеицура ԥхьаҟагьы ишыҿиало агәреибагареи аилибакаареи шьаҭас иаманы, Кавказ аҭынчреи ашәарҭадареи рыхьӡала.
Шәара шәаҳаракыра, сылшара схы иархәаны исҭахуп ишәзеиӷьасшьарц агәабзиара, аҳәынҭқарратә ус аҿы ақәҿиара дуқәа. Ҳаҭыр, пату ду шәықәысҵоит».