Ажәабжь ҿыцқәа

19 October 2023 217
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Германиа аофициалтә хаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа еиҭалҳәеит Берлин иҟоу Евразиатәи аилазаара аԥшьгамҭала ишымҩаԥгаз Аԥсны иазку ахәылԥаз.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа акаҳуа аҽаҩра аизгара асезон аартразы жьҭаара 14 азы имҩаԥысуаз ауснагӡатә далахәын.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа Ацҳаражәҳәарҭа анаԥхьарала далахәын Ареспублика Никарагуа иҟоу Амилаҭрацәатә ҳәынҭқарра Боливиа азинмч змоу ацҳаражәҳәаҩ Пальмиро Леон Сориа Сауседо «Гран Крус» аранг иманы «Хосе де Марколета» аорден иҭара ауснагӡатә далахәын.
Жьҭаара 13 азы Манагуа имҩаԥган зуалԥшьақәа рынагӡараан иҭахаз афырхацәа Раллеиа аартра.
6 October 2023 385 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшылара ҟанаҵеит Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала Хомс атеррористтә жәылара имҩаԥгаз инадҳәаланы.
Аинтеграциатә процессқәа, арра аусхкгьы налаҵаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра иасувенертә ҭахраны иҟоуп рылахәра.
Тирасполь имҩаԥган 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны аиааира 30 шықәса ахыҵра амшныҳәа иазкны агәырӷьаратә еизареи аконцерти.
Венесуела иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭеи Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Каракас ақалақь Амилаҭтә пантеони Симон Боливар имузеии рҟны имҩаԥыргеит ауснагӡатә.
29 September 2023 333 Анотақәа
Аԥсны иҟоу Урыстәыла азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира агара 30-шықәса ахыҵра инамаданы.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: