Ажәабжь ҿыцқәа
10 February 2022 444
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москва диԥылеит Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа русқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуааи, жәларбжьаратәи агуманитартә усеицуреи рзы Афедералтә маҵзура (Россотрудничество) аиҳабы Евгени Примаков.
9 February 2022 1214
Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи ООН Адунеизегьтә федерациа ахада ихаҭыԥуаҩ, ООН ацхраараз Урыстәылатәи ассоциациа ахантәаҩ актәи ихаҭыԥуаҩ Алексеи Борисовы еиԥылеит.
8 February 2022 608
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москваҟа усутә ныҟәарыла амҩа дықәлеит.
7 February 2022 578
Ареспублика Беларусь ахада Александр Лукашенко, Минск Аԥсны Аҳәынҭқарра азханаҵар алшоит ҳәа иҟаиҵаз иҳәамҭа азхьаԥшра аҳҭеит.
22 January 2022 420
Ажьырныҳәа 22 2022 шықәса рзы иҵит 29 шықәса анапы аҵаҩуижьҭеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Молдавиатәи Приднестровиатәи Ареспубликеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра.
21 January 2022 405
Аԥсны Аконституциа ахәҭаҷ 53 инақәыршәаны Аԥсны ахада атәыла адәныҟаполитикатә усура ахырхарҭақәа ҳәаақәиҵоит. Аԥсны ахада иусдҵа «Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаку адәныҟатә политика амҩаԥгараҿы акоордининациаҟаҵаратә роль» (06. 11. 2006 ш.) инақәыршәаны Аԥсны ахада иусдҵала Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәынҭқарра адәныҟатә политика ахырхарҭа хадақәа ҳәаақәнаҵалоит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырраҿы, азеиԥш хылаԥшра ҟанаҵоит ареспублика аҿаԥхьа жәларбжьаратә хыдҵақәа рынагӡашьазы. Убри инадҳәаланы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны адәныҟатәи аполитика иаку иззеиқәшаҳаҭу усхкны аҟаҵаразы аусура арӷәӷәоит
19 January 2022 594
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ареспубликаҿы аус зуа жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа: Аԥсны иҟоу ПРООН аофис ахада Рафис Абазов, аиҿкаара World Vision Аԥсны иҟоу ахада Оксана Лашәриаԥҳа, ахҵәацәа рзы Даниатәи Ахеилак акоординатор Ада Џьынџьалԥҳа идикылеит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика Ахаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалба идиныҳәалеит Аԥсны иҟоу Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика Ахаҭарнакра шьаҭаркуижьҭеи 15-шықәса аҵра.
Ажьырныҳәа 17 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аминистр Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариеи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи реиԥылара.