Ажәабжь ҿыцқәа

Ԥхынгәы 19 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит аминистр Даур Ақаҩбеи Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Ахаҭарнакра аофициалтә еиҳабы Гарри Кәыпалбеи аиԥылара рыман.
14 August 2020 696
Нанҳәа 14, 1992 шықәса рзы аихамҩа ахьчара ҿарԥас иҟаҵаны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырахь иҭалеит. Аибашьра цон 413 уахи-ҽни. Ихыркәшахеит Аԥсны ахақәиҭтәрала 1993 шықәса цәыббра 30 рзы.
7 August 2020 1003 Анотақәа
Аҳәаанырцәуаа, хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭаараз иахьҳадҵаало инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырра ҟанаҵоит: Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра Аусдҵа № 1996-р (01.08. 2020 ш.) инақәыршәаны Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа ахысра зылшо Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациа атәылауааи роуп.
5 August 2020 914
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ливантәи ареспублика аҳәаанырцәтәи аусқәеи аемигрантцәа русқәеи рзы аминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Беирут иҟалаз арыцҳара инамаданы.
3 August 2020 596
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада 2020 шықәса нанҳәа 1 азы инапы зҵеиҩыз Аусдҵа адкылара Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада 2020 шықәса рашәара 30 азтәи Иусдҵа амчра ахьацәнарӡыз инадҳәаланы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә Департамент адырра ҟанаҵоит аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рыла ареспубликахь аҭалара ԥкырада имҩаԥысуеит ҳәа.
23 July 2020 787 Анотақәа
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Ареспублика Арцах адәныҟатәи аусқәа рминистр Масис Маилиан идиныҳәалеит аминистрра ашьаҭаркра 27-шықәса ахыҵра амшныҳәа.
Ԥхынгәы 20 рзы Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәылатәи Афедерациа Агәабзиарахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Игор Каграманиани реиԥылара.
21 July 2020 573
Ԥхынгәы 21 рзы Шьамтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Адәныҟатәи аусқәеи аџьынџьуаа русқәа рзи аминистр Уалид аль-Муаллем дидикылеит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба.
20 July 2020 956 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дула ирыдыркылеит адипломат, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ауаажәларратә усзуҩ, Асовет Еидгылеи Аԥсни ажурналистцәа реидгылақәа рлахәыла, Аԥснытәи АССР иреиҳаӡоу Ахеилак ахь хынтә депутатс иалырххьаз, 1994 - 2014 шықәсқәа рзы Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҿ Аԥсны Ахаҭарнакс иҟаз Владимир Аҩӡба иԥсҭазаара далҵит ҳәа иааҩыз ашәаџь.
17 July 2020 605
Ԥхынгәы 17, Ареспублика Никарагуа Асандинисттә революциа 41-шықәса ахыҵра аламҭалазы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥшьгарала имҩаԥган Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ иҟоу Ареспублика Никарагуа Ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес Мехиа ивидеоконференциа.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: