Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмчра нагӡа змоуи Ацҳаражәәҳаҩ Игор Ахба Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иусԥҟала иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Аиҩызараз аорден» ианашьоуп.
Аусԥҟаԥҟны иарбоуп Игор Ахба аҳамҭа ианашьоуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи рҳәынҭқаррабжьаратә еимадараҿ илагалақәеи ииубилеи инарыдҳәаланы ҳәа.
Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев Игор Ахба изынеишьҭыз адныҳәалараҿы иазгәеиҭеит «Аԥсуа жәлар ринтересқәа хадара рыҭареи шәыхьӡ-шәыԥша аҳаракыреи ҵаҵӷәны ирзыҟоуп Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмчра нагӡа змоуи Ацҳаражәәҳаҩ иҳасаб ала шәусура» ҳәа.