Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Ареспублика Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Дениса Монкада Роналдо Колиндреса Сандинисттәи ареволиуциа ҟалеижьҭеи 44-шықәса аҵра идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп:
«1979 шықәса ԥхынгәы 19 Никарагуа аҭоурых аҟны иналукааша, аера ҿыц алагара иасимволу рыцхәны иҟоуп.
Сандинисттәи ареволиуциа - ари никарагуатәи ажәлар ахақәиҭреи аиашареи рҽазышәара, ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ридеалқәа ишрыдгыло аазырԥшуа, акультуратә, аполитикатә, аекономикатә, асоциалтә шьаҭарақәа рырӷәӷәареи рырҿиареи ирзырхо акурс шымҩаԥырго ирырбаго хҭысуп.
Ҳара агәра аагоит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ишьақәгыланы иҟоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа – агәреибагареи аҳаҭыреиқәҵареи ҵаҵӷәыс ишрымоу. Агәра аагоит ҳусеицура ԥхьаҟагьы аҿиара аиуреи арҭбаареи алҳаршап ҳәа.
Агәра хасҵоит Аԥсни Никарагуеи ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәеи адунеишьақәгылара аспектқәа рызҵаарақәеи рҿы иаку азнеишьақәа шрымоу, рполитикатә диалог еиҳа-еиҳа аҿиара шаиуа».