Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахьыԥшымра Амш иазкны Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хилиу Пинто адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
Ашәҟәаҿы иаҳәоит:
«Венесуела аҭоурых аҿы ари амш акырӡа зҵазкуа хҭысны иҟалеит, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргылараҿы ихадоу хырхарҭамҩаны ишьақәгылеит, уи Венесуела ауаажәлар зхала иҟоу ҳәынҭқарраны аҟаларазы агәаҳәара шрымоу символра азнауеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аиура иадҳәалоу аҭагәҭасрақәа бзиаҵәҟьаны издыруа, гәык ала ишәыцеиҩнашоит ари амилаҭтә ныҳәа.
Гәахәа дула иазгәасҭарц сҭахуп аамҭа кьаҿ иалагӡаны, пату еицықәҵареи агәрагареи шьаҭас иззышьҭоу, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызаратә еимадара ӷәӷәа шыҿиаз.
Агәра ганы сыҟоуп, анаҩсгьы ҳамчеилаҵала астратегиатә еиҩызареи ҳусеицуреи ирыцҵахап ҳәа. Ари ҳәарада ҳаиҩызаратә жәларқәа реизҳазыӷьараҿ ақәҿиарақәа ирышьагәыҭхоит».