Аԥсны АдәАР, 2025 шықәса, рашәара 22 азы Дамаск ауахәамаҿы иҟалаз атеррористтә қәылара инамаданы Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзы аминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит

Аԥсны АдәАР, 2025 шықәса, рашәара 22 азы Дамаск ауахәамаҿы иҟалаз атеррористтә қәылара инамаданы Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзы аминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит
23 June 2025 595

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра 2025 шықәса, рашәара 22 рзы Дамаск ауахәамаҿы иҟалаз атеррористтә қәылара инамаданы Шьамтәыла адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзы аминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит.

Ашәҟәаҿы ҷыдала иазгәаҭоуп:

“Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи Арабтә Республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзы аминистррахь ҳаҭыр ду аарԥшуа, 2025 шықәса, рашәара 22 азы Дамаск ауахәамаҿы иҟалаз атеррористтә қәылара ӷәӷәала иақәыӡбоит.

Аҭынч уааԥсыра рҭахара зхылҿиааз атеррористтә қәылара Шьамтәыла аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи реиҵаҟьара иазырхоу ҽазышәароуп.

Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп, ари гәымбылџьбаралатәи атеррористтә қәылара шьамтәылатәи ажәлар ракзаареи Шьамтәыла анапхгара атәылаҿы аҭынчреи ашәарҭадареи рыхьчареи рырӷәӷәареи рзы имҩаԥырго аусқәеи ишырԥырхагамхо азы.

Ари аамҭа хьанҭазы, аиашьаратә шьамтәылатә жәлар адгылара рыҭо, иҭахаз рыуацәа гәык-ԥсык ала ҳрыдашшылоит, ахәра зауз ракәзаргьы иаарласны абзиахара рзеиӷьаҳшьоит”.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: