Ажәабжь ҿыцқәа

10 June 2023 374
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа лаҵарамза 29 инаркны рашәарамза 9 аҟынӡа Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Адипломатиатә Академиа жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа русхкы аҿы азанааҭдырратә аиҭазыҟаҵара Аусбарҭа аҟны азанааҭдырра аҩаӡара ашьҭыхра акурсқәа ирхысуан. Акурсқәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәылақәа Аԥшьбатәи Рдепартамент Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыҟәша аиҳабы Рубен Малаиан иԥылеит.
31 May 2023 252
Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсни Урыстәылеи рыҩтәылауаҩра азҵаарақәа рзы ихаҭарнакс дҟаиҵеит Урыстәыла АА рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин.
30 May 2023 212 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Аахыҵ Уаԥстәыла Ахьыԥшымраз ашәҟәы рыдыркылеижьҭеи 31 шықәса аҵра инадҳәаланы адныҳәаларатә шәҟәы неишь
Урыстәылеи Аԥсни рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа рхадацәа аконсультациақәа рплан рнапы еицаҵарыҩуеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР Амедиацентр.
29 May 2023 229
2023 шықәса лаҵара 29 азы Аԥсны Мрагылара Ааигәа аимадарақәа рырҭбаареи арегион аҿы жәларбжьаратәи азхаҵаразы аусура арцыхцыхреи рызҵаарақәа ҭелла ирылацәажәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Феисал Аль Микдади.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али лаҵарамза 28 рзы Шьамтәыла иҟоу Алада Африкатәи Ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Барри Филлип Гилдер диԥылеит. Аиԥылара аҿы аганқәа Ацҳаражәҳәарҭақәа русеицура алшарақәа, иара убас аҩҳәынҭқаррак рыжәларқәа рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дидикылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин.
Аҳәынҭқарразы аполитикатә ҭышәынтәалара аҵак ду амоуп, аԥсуа жәлар ирыхҭыргахьоу аҳаҭыр абаразы мацаразгьы, абас аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
25 May 2023 226
Санкт-Петербург Аԥсны Ахаҭарнакра аартхоит ҳәа иҳәеит Аԥсны АА рминистр Инал Арӡынба.
25 May 2023 352
Лаҵарамза 25 азы адунеи аҿы иазгәарҭоит Африка Амш.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: