Ажәабжь ҿыцқәа
2018 шықәса цәыббра 20 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа: Тоиво Клаари, Джихан Султаноглуи, Рудольф Мичалкеи рԥылара. Даур Ақаҩба идикылеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа ҿыцқәа—ООН ахаҭарнак Џьихан Султаноглуи ОБСЕ ахаҭарнак ҷыда Рудольф Мичалкеи.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота нанашьҭит Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Ахьыԥшымра амш инамаданы
Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа аҩҳәынҭқаррак адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара 10-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәқәа еимырдеит.
Аҧсни Урыстәылеи адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа аҩҳәынҭқаррак адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара 10-шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәаларатә шәҟәқәа еимырдеит.
12 September 2018 769
Цәыббрамза 12 рзы Гәдоуҭа ақалақь Акультура ахан аҟны имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр, "Ахьӡ-Аҧша" аорден II аҩаӡара занашьоу Геннади Гагәылиа аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз аофициалтә церемониа.
12 September 2018 528
Цәыббра 12 рзы Урыстәыла иҟоу Шьамтәылатәи Арабтә республика Ацҳаражәҳәаҩ Риад Хаддад Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иҭахара инадҳәаланы Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿ адышшыларатә шәҟәы аҩыра аниҵеит.
11 September 2018 721
Геннади Гагәылиа машәырла иԥсҭазаара далҵит цәыббра 8 руха. Аԥсыжра ҟалоит цәыббра 12 рзы. Аԥыза-министр иҭахара инамаданы адышшыларатә шәҟәқәа хдыртит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы. Арахь иааиуеит хыԥхьаӡара рацәала ауаа ргәалсра рыцеиҩыршарц.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыра, Геннади Гагәылиа иуацәеи иҭынхацәеи рыхьӡала адышшыларақәа аауеит иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр Геннади Леонид-иҧа Гагәылиа машәырла иҭахара инамаданы.
Геннади Гагәылиа машәырла иԥсҭазаара дахьалҵыз инамадан Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭахь цәыббра 10 рзы днеиит Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Никарагуа ареспублика Ацҳаражәҳәаҩ Иоска Кальдерон Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа дидышшыларц.
10 September 2018 545
Геннади Гагәылиа машәырла иԥсҭазаара далҵит цәыббра 8 руха. Аԥсыжра ҟалоит цәыббра 12 рзы. Аԥыза-министр иҭахара инамаданы адышшыларатә шәҟәқәа хдыртит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы, Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспубликаҿ иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакраҿ, Ҭырқәтәылатәи ареспубликаҿ иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакраҿ, Дамаск ақалақь арҵаҩцәа рконференц-зал ахыбраҿ.