Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота нанашьҭит Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи аа-шықәса ахьҵыз инамаданы.
Анотаҟны иаҳәоит:
«Рацәак идуум аамҭа иалагӡаны ҳтәылақәатрыбжьара аиҩызара ӷәӷәеи, аҳаҭыреиқәҵареи агәреибагареи шьақәгылеит. Адипломатиатә еизыҟазаашьақәа анҳабжьаҳҵа инаркны аполитикатәи, акультуратәи егьырҭ аусхкқәеи рҟны аинырра ҳамоуп. Аԥсны ари адиалог ԥхьаҟагьы арҿиара хықәкны иамоуп. Ҳара агәра аагоит убри азы иаҭахны иҟоу апатенциал шҳамоу.»