Ажәабжь ҿыцқәа

54-тәи Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд мҩаԥысит жьҭара 12-13 азы.
6 October 2021 350
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба ихьӡала абри амшныҳәа иазкны.
4 October 2021 647
Жәларбжьаратәи арратә ҽазыҟаҵарақәа Eternity-2021, Азербаиџьани Ҭырқәтәылеи рыруаа алархәны, Қырҭтәыла рымҩаԥгара иалагеит жьҭаара 4 азы. Имҩаԥыслоит жьҭаара 8 рҟынӡа.
Цәыббра 21 азы Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны аҵакыраҿы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа ахьымҩаԥыргаз иақәыӡбны аҳәамҭа аланарҵәеит. Аҳәамҭаҟны иазгәаҭоуп асеиԥш алхрақәа рымҩаԥгара Қырҭтәыла асуверенитети аҵакыратә акзаареи еиланагоит ҳәа ишаԥхьаӡо.
Цәыббра 21 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба дырԥылеит Аахыҵ Кавказ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа.
20 September 2021 612
Аахыҵ Уаԥстәыла ашьаҭаркра 31 шықәса ахыҵразы ауснагӡатәқәа ирылахәыз Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов вручил Аиҩызара аорден ианеишьеит  Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырҿиара илагала ду азы.
20 September 2021 608
Цәыббра 20, Цхинвал ақалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациеи Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибиловы реиԥылара.
20 September 2021 527
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев идиныҳәалеит Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика амш.
19 September 2021 337
Цәыббра 19 азы Цхинвал ақалақь аҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҟны алхрақәа рыҽрыладырхәит: Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аԥсны Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџь.
19 September 2021 364
Цәыббра 19 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба усутә визитла Аахыҵ Уаԥстәылаҟа дцеит, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика ашьаҭаркра 31-шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатәқәа ихы рылаирхәырц.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: