Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә шәҟәы азынанашьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, Аахыҵ Уаԥстәыла Аконституциа амш инадҳәаланы.
Адныҳәалараҟны иаҳәоит:
«Аахыҵ Уаԥстәыла Аконституциа аҵак ду аманы иҟоуп, символра ауеит адемократиатә ҳәынҭқарра ашьақәгылара ишаҿу азы, иара убасгьы Аахыҵ Уаԥстәыла асоциал-економикатә шәарҭадареи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәаразы.
Иахьа, Аахыҵ Уаԥстәыла аиҳабыреи ажәлари реицусура азырхоуп аконституциатә нормақәеи Апринципқәеи реиҿкаара, аҭагылазаашьа маншәалақәа раԥҵара.
Агәра аагоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара ишьақәгылаз аполитикатә диалоги аусеицуреи, аизыҟазаашьақәеи ҳажәларқәа ринтересқәа ишрықәшәо. Аҭагылазаашьа ҳхы иархәаны Аахыҵ Уаԥстәыла иқәынхо ажәлар зегьы ирзеиӷьаҳшьоит аманшәалара, аҭынчра, аизҳа-зыӷьара».