Сократ Џьынџьал адныҳәаларатә шәҟәы изынашьҭуп

Сократ Џьынџьал адныҳәаларатә шәҟәы изынашьҭуп
11 December 2017 1196
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи аусзуҩцәеи идныҳәалеит аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ, Ауаажәларратә палата алахәыла, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа уаанӡатәи рминистр Сократ Џьынџьал.

Адныҳәаларатә шәҟәы аҟны иаҳәоит:

«Сократ Раҷ-иԥа, гәык-ԥсык ала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеитә мшы. Шәара иналукааша аԥсуа дипломатуп, уаажәларратә усзуҩуп. Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәыргылараҿы шәлагала хәы-змам акакәны иҟоуп.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи аусзуҩцәеи ишәзеиӷьаҳшьоитразҩыда, анасыԥ, аманшәалара, шәусураҿы ԥхьаҟагьы ақәҿиарақәа» ҳәа.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: