Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшылара ҟанаҵеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшылара ҟанаҵеит
14 October 2017 838
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы  рзынарышьҭит  аинрал Уалид Ҳамди Абаза Маршьан иуацәеи иҭынхацәеи.

Уалид Ҳамди Абаза Маршьан акраамҭа ихьуаз ичымазара иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит.
Иналукааша арратәи ауаажәларратәи усзуҩ, аԥсуа жәлар рхаҭарнак иаша Уалид Маршьан иԥсҭазаара зегьы азкын Шьамтәылатәи Ареспублика аӷацәа ирҿагыланы ақәԥара, Аԥсни Шьамтәылеи реимадара.

Аинрал Маршьан дыздыруаз зегьы ргәалашәараҿы даанхоит афырхаҵареи апатриотизмреи дырҿырԥшыганы. Аԥсуа жәлар Шьамтәылатәи ажәлар ргәырҩа рыцеиҩыршоит абри ацәыӡ дуӡӡаҿ.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: