Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Урыстәыла Аконституциа Амш инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Урыстәыла Аконституциа Амш инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит
13 December 2024 100

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Урыстәыла Аконституциа Амш азгәаҭара инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит.

Адныҳәалараҿы иануп:

“Аконституциа адкылара иалнаршеит Урыстәыла ажәларқәа реидкылара, ауаажәларра рыҩныҵҟа аҭынчреи аҳәоуеиқәшәареи рзы ашьаҭа ӷәӷәа аԥҵара, азакәан аҳра ауа аҟаҵара, ауаҩы изинқәа рыхьчара.

Урыстәыла атәылауаҩратә хақәиҭрақәеи адемократиатә ҿиареи рзы хәдықәҵара зуа Аконституциа, ақәҿиара ду змоу аҳәынҭқарра аргыларазы ииасхьоу аамҭеи ииахьатәи амеханизмқәеи иреиӷьу рԥышәа шьаҭаны иҟанаҵеит.

Ҳара, ҳҳәынҭқаррақәа ирыбжьоу аусеицуреи аҳаҭырқәҵареи рыҩаӡара ахә ҳаракны иаҳшьоит, насгьы аԥсуа-аурыс стратегиатә еидгыла аринахысгьы арӷәӷәара шалыршахо азы агәрагара шҳамоу ааҳарԥшуеит”.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: