Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшылара азынанашьҭит Бендера ақалақь аҿы иҟаз атрагедиатә хҭысқәа 34 шықәса рхыҵра инамаданы.
Адышшыларатә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп:
"Ари агәырҩамш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны даара ихьааганы иргәаладыршәоит 1992 шықәса рашәарамзазы, Приднестровие шәҩыла аҭынч уааԥсыреи, ахьчаҩцәеи, ардыԥхьалацәеи рыԥсҭазаарақәа ҿахызҵәаз Бендера ақалақь аҿы бџьаршьҭыхлатәи ақәылара ӷәӷәа иалаӡыз. Арҭ атрагедиатә хҭысқәа наунагӡа аҭоурых аҿы иаанхоит Приднестровиа ажәлар ирҿагылаз агрессианы. Приднестровие аиашьаратә жәлар ргәырҩа рыцеиҩшо, Аԥсны ауааԥсыра иҭахаз ргәалашәаразы рыхқәа ладырҟәуеит, рыуацәеи рҭынхацәеи адгылара шрырҭо азгәарҭоит.
Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан бџьаршьҭыхлатәи агрессиеи ацәыӡ хьанҭақәеи зхызгаз аԥсуа жәлар аӡәгьы иеиԥшымкәа еилыркаауеит акгьы зхарам рыԥсҭазаарақәа рыӡра ахьаа, аԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз зегьы ргәалашәара ԥсахрада еиқәдырхоит».