Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ареспублика Никарагуа ахьыԥшымра 205 шықәса ахыҵра инамаданы адныҳәалара азынанашьҭит.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
"Ари амш Никарагуа аҭоурых аҿы акрызҵазкуа рыцхәуп. Никарагуа ажәлар ихьыԥшым аҳәынҭқарра ашьақәыргылараз рҽазышәара иасимволуп. Ахьыԥшымра аиуразы иҟоу аԥышәарақәа зегьы бзианы издыруа аԥсны жәлар гәык-ԥсыкала ишәыцеиҩыршоит ари амш ду агәырӷьара.
Ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ишьақәгылаз аидгыларатәи аиашьаратәи еизыҟазаашьақәа.
Агәра ганы ҳаҟоуп ҳамчқәа еилаҵаны аринахысгьы ҩ-ганктәи зформат наӡоу аусеицуреи астратегиатә еинырреи шҳарҿиало, ҵак ҿыцла ишхаҳарҭәаало. Уи, хымԥада, аиҩызаратә жәларқәа реизҳазыӷьара иазкхоит».