Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшылара ҟанаҵеит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшылара ҟанаҵеит
6 October 2023 668

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшылара ҟанаҵеит Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала Хомс атеррористтә жәылара имҩаԥгаз инадҳәаланы.

Адашшылараҟны иаҳәоит:

«Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәыӡбоит Хомс ақалақь аҿы арратә коллеџь иазырхаз атеррористтә акт. Гәалсра дула ирыдашшылоит Шьамтәылатәи Арабтә республика аиҳабыра, ажәлар, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи. Ахәрақәа змоу иаарласны агәабзиара рзеиӷьаҳшьоит».

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: