Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира агара 30-шықәса ахыҵра инамаданы.
Адныҳәалараҟны иаҳәоит:
«Боливариантәи Ареспублика Венесуела ажәлари аиҳабыреи рыхьӡала агәахәара сыманы 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира агара 30-шықәса ахыҵра шәыдысныҳәалоит.
30-шықәса ахьыԥшымра амазаара иаанарԥшуеит аԥсуа жәлар рхалахатәҳәаақәҵара амҩа ишанымҵуа.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела ахәшьара ҳарак аманы ирыхәаԥшуеит ҳтәылақәа рыбжьара иҟоу ҩ-ганктәи ҳаизыҟазаашьақәа. Ҳара аҽазныкгьы ишьақәҳарӷәӷәоит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аусеицура арӷәӷәара ҳшазыхио».