Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ауаажәларратә палата Ахеилак алахәыла, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа уаанӡатәи рминистр Сократ Џьынџьал иира амш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟәы аҿы иазгәаҭоуп:
«Шәара иахьатәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара ахыҵхырҭаҿы игылаз шәреиуоуп. Ҳтәылазы алахьынҵа змаз апроцессқәа шәрылахәын, уи ахә узшьом. Адәныҟатәи аусқәа рминистрс шәыҟазаараан шәџьабаала ишәылшәыршеит Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә корпус иахьагьы изықәныҟәо афундаменталтә принципқәа рышьҭаҵара.
Ари амш ссир аҽны, ҳаҭыр зқәу Сократ Раҷ-иԥа, гәык-ԥсык ала агәабзиареи, аманшәалареи, ақәҿиарақәеи шәзеиӷьасшьоит».