Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев иира амш идиныҳәалеит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев иира амш идиныҳәалеит
5 January 2026 72

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев иира амш идиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп:

«Ахә ҳаракны иаҳшьоит шәзанааҭдырреи аиашьаратә Республика Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы шәлагала дуи» ҳәа.

Олег Барцыц Алан Елбакиев изеиӷьеишьеит агәабзиара, изанааҭтә усураҿы ақәҿиарақәа, аманшәалара.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: