Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аинформациеи акьыԥхьи Рдепартамент адиректор Мариа Захарова лымшира лыдиныҳәалеит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аинформациеи акьыԥхьи Рдепартамент адиректор Мариа Захарова лымшира лыдиныҳәалеит
24 December 2025 90

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аинформациеи акьыԥхьи Рдепартамент адиректор Мариа Захарова лымшира лыдиныҳәалеит.

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп:

«Акыр шықәса инеиԥынкыланы зыхьӡала шәықәгыло урыстәылатәи адипломатиаҟны шәлагала ахә ашьара залшом. Шәыԥсадгьыл аизҳазыӷьаразы ааԥсара зқәым шәџьабааи, шәажәатә ҟазареи, шәзанааҭдырреи, шәус адырреи адунеи ахьынӡанаӡааӡо адипломатцәа рзы иҿырԥшы бзианы иҟоуп, жәларбжьаратәи аусқәа рҿы Урыстәылатәи Афедерациа аморалтә ԥхьагылара шамоу аазырԥшуа шәпозициа апатуқәҵареи аџьшьареи узцәырнагоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарразы аҵак ҷыда амоуп Урыстәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа активла, компромиссда адгылара ахьрышәҭо, уи иабзоураны адипломатиатә еинырра аусхки ҳтәылақәа рыбжьара астратегиатә партниорра арӷәӷәареи рҿы иуныруа ақәҿиарақәа раарԥшра ҳалҳаршеит, иахьатәи ҳаамҭаз хыԥхьаӡара рацәала анырра ӷәӷәақәа шыҟоугьы».

Олег Барцыц Мариа Захарова илзеиӷьеишьеит агәабзиара, анасыԥ, Урыстәылатәи Афедерациеи жәларбжьаратәи адипломатиеи реизҳазыӷьара иазку лусураҿы аринахысгьы ақәҿиарақәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: