Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц М. В. Ломоносов ихьӡ зху МАУ аректор Виктор Садовничи имшира идиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц М. В. Ломоносов ихьӡ зху МАУ аректор Виктор Садовничи имшира идиныҳәалеит
3 April 2026 78

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц М.В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Виктор Садовничи имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

«М.В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи Аҳәынҭқарратә университет шықәсырацәалатәи анапхгара аҭараз, аҭҵаарадырреи иреиҳаӡоу аҵарадырра аинститути рыҿиараҿы шәлагала ду азы, иара убас академиатә традициақәа гәык-ԥсыкала рзыҟазаараз Урыстәылеи уи анҭыҵи иаԥсоу аҳаҭыри азхаҵареи шәоуит.

Ауниверситет аҿы ректорс шәыҟазаара раԥхьатәи ашықәсқәа рзтәи аушьҭымҭацәа иреиуоу иҳасаб ала, гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп Аԥсны Аҳәынҭқарразы зҟазара ҳараку аспециалистцәа разыҟаҵараҿы хаҭалатәи шәлагалаз.

Москватәи аҳәынҭқарратә университет — адунеитә кадрқәа ржьирҭа, аушьҭымҭацәа хыԥхьаӡара рацәала ирзыҟашәҵоз агәцаракреи ацхыраареи ирыбзоураны Аԥсны аҿиараҿы рлагала дууп. Аекономикеи, асоциалтә усхки, аҵарадырра асистемеи, аҳәынҭқарратә маҵзуреи рҿы уа ироуз адыррақәа қәҿиарала аԥсҭазаара иаладырҵәоит.

Хазы инаҵшьны иазгәасҭар сҭахын Москватәи аҳәынҭқарратә университети Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети рыбжьара аинырра аҩаӡара шыҳараку, иара убас аҭҵаарадырра-ҵаратә усхк аҟны аусеицура аринахысгьы арҭбаареи арҵаулареи рзы агәрагара шаарԥшу».

Олег Барцыц Виктор Садовничи изеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, аџьынџьтәылатә ҭҵаарадырреи аҵареи реизҳазыӷьаразы аҭакзыԥхықәу иусураҿы ԥхьаҟатәи ақәҿиарақәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: