Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа уаанӡатәи рминистр, Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба иира амш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп:
«Аԥсны Аҳәынҭқарра аизҳазыӷьаразы шықәсырацәала, хамеигӡарала имҩаԥыжәго аусура аҳәынҭқарра амаҵ аура аус аҿы иҿырԥшыганы иҟоуп. Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа ашьақәгылара ахыҵхырҭаҿы шәгыланы, иахьатәи аԥсуа дипломатиаҿы ираԥхьатәиқәоу шәреиуаны, ҳтәыла адәныҟаполитикатә институтқәа рышьақәгылареи рырҿиареи, ҳастратегиатә партниор – Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳаиҩызаратәи ҳаидгыларатәи еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара аус аҿы иҟашәҵахьо шәлагала ахә ашьара уадаҩуп.
Шәара шәԥышәа беиеи шәҟәыӷареи иахьагьы аԥсуа дипломатцәа рабиԥара ҿыцқәа рзы иаԥсоу ҿырԥшыганы иҟоуп».
Олег Барцыц Игорь Ахба агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьара, аԥсҭазаара лаша изеиӷьаишьеит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа уаанӡатәи рминистр Игор Ахба иира амш идиныҳәалеит
5 February 2026 49