Олег Барцыц Асад Ҳасан Аль-Шаибани ихьӡала адныҳәалара ҟаиҵеит «Кәырбан-Баирам» амш аҽны

Олег Барцыц Асад Ҳасан Аль-Шаибани ихьӡала адныҳәалара ҟаиҵеит «Кәырбан-Баирам» амш аҽны
6 June 2025 18

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Шьамтәылатәи Арабтә Республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуааи русқәа рзы аминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибани зегь реиҳа ҳаҭыр зқәу ҳәа ишьо аԥсылманцәа рныҳәақәа иреиуоу Ид аль-Адха «Кәырбан-Баирам» инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.

Адныҳәалара иаҳәоит:

«Ари аныҳәа шәыҩнқәеи шәҭаацәареи аҭынчреи, агәырӷьареи, аизҳазыӷьареи рзаанагааит. Ид аль-Адха гәаларшәагоуп ауаажәларраҿы аҳаҭыреиқәҵареи адоуҳатә беиарақәи пату рықәҵаразы.

Ари аныҳәа аҽны сгәы азыҳәоит Зегь зымчу адунеи аԥсылманцәа зегьы рныҳәарақәа идикыларц, ҳажәларқәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа есышықәса иӷәӷәахарц».

Олег Барцыц аиашьаратә шьамтәылажәлар аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеӷьеишьеит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: