Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Шьамтәылатәи Арабтә Республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәа рзи аминистр Асад Ҳасан Аль-Шаибани Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟалара ахьидиныҳәалаз ҭабуп ҳәа ахиҳәааит.
Олег Барцыц Шьамтәыла аганахь ала Америка иқәнаргылаз асанкциақәа уажә раԥыхра апроцесс алагаразы агәахәара ааирԥшит, уи анаҩстәи аҿиаразы хәарҭара ду шалоу, насгьы Шьамтәылатәи Арабтә Республика ауааԥсыра зегьы рыԥсҭазаара аиӷьтәра ишацхраауа иҳәеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр шьамтәылатәи иколлега ааԥхьара ииҭеит иара изы иманшәалоу аамҭазы Аԥсны Аҳәынҭқарра даҭаарц.