Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аԥсуа литература акафедра адоцент, Леон иорден занашьоу Адгәыр Какоба ииубилеи идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
Шәара шәыԥсҭазаара зегьы аҭҵаарадырратәи аҵарадырратәи усқәа ирызкуп. Аԥсуа бызшәеи алитературеи рыҿиараҿы шәлагала ахәшьара уадаҩуп, аҵарауаа қәыԥшцәеи арҿиаратә ҿари реиҵааӡараҿы шәумҭа ҳаҭыр ду ақәуп.
Ари аныҳәамш аҽны гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, ҵыхәаԥҵәара змам агәацԥыҳәара. Есыҽны шәымшқәа гәырӷьарала иҭәызааит, аԥсҭазаараҿы шәгәы иҭашәкуа зегьы нагӡахааит".