Олег Барцыц Ахсар Џьиоев Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика адипломаттә усзуҩы Имш идиныҳәалеит

Олег Барцыц Ахсар Џьиоев Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика адипломаттә усзуҩы Имш идиныҳәалеит
29 May 2025 58

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аахыҵ Уаԥстәыла адипломаттә усзуҩы Имш азгәаҭара инамаданы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.

Атекст аҿы иаҳәоит:

«Адәныҟаполитикатә ҭагылазаашьа хьанҭақәа, ақәыӷәӷәарақәа, Аахыҵ Уаԥстәыла аҭахкааразы аҽазышәарақәа ирыхьмырԥшыкәа ареспублика адипломатцәа рҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчоит. Агәрагара сымоуп Аахыҵ Уаԥстәыла адипдломатцәа рдырра ҳарак, аԥсадгьыл ахь ирымоу абзиабара, рус гәык ала азнеишьа ишалдыршо жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҭбаара, аҳәынҭқарра аинтересқәа ԥхьаҟа ргара.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа аиҩызаратә ҟазшьа адагьы аиашьаратә ҟазшьа рымоуп, уи ахақәиҭраз рықәԥареи аус аҿы реицхыраареи ишьақәдырӷәӷәоит, аҳәынҭқарратә суверенитет азхаҵара аҳасабала аҭоурыхтә иашара аиҭашьақәыргылара амҩа еицануп.

Агәра ганы сыҟоуп, ҳминистррақәа рыбжьара хра злоу аусеицура ԥхьаҟагьы ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҭбаареи рырӷәӷәареи рзы алшара ҳнаҭоит ҳәа».

Олег Барцыц Ахсару Џьиоев изеиӷьеишьеит аҭынчра, аԥсадгьыл ахьӡала аихьӡара ҿыцқәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: