Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик Алеко Гәарамиа ииубилеи идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иаҳәоит:
"Шәара адунеи аҿы еицырдыруа ҵарауаҩк иҳасаб ала, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы акыр шықәса хамеигӡарада шәусура ҿырԥшуп аҭҵаарадырреи аҵареи рымаҵ аураҿы. Шәара иҭшәыжьхьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәа Аԥсны анҭыҵгьы ахьӡ ҭыжәгоит.
Баҩхатәрала аҭҵаарадырратә, анапхгаратә, арҵаҩратә ус еилагӡо, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҿиаразы иҟашәҵо рацәоуп.
Агәра ганы сыҟоуп, Шәара шәнапхгарала, ҳуниверситет аринахысгьы иааннакыло аҭыԥ шыӷәӷәахо, уи аушьҭымҭацәа қәҿиарала ҳтәыла аизҳазыӷьаразы аус шыруа.
Ҳаҭыр зқәу Алеко Алексеи-иԥа, ари аҵак ду змоу амш аҽны, агәабзиара, ҵыхәаԥҵәара змам агәацԥыҳәара, шәусқәеи шәнапхгақәеи рҿы ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьоит”.