Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Боливариантәи Ареспублика Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Едуардо Хиль Пинто иира Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иазгәаҭоуп:
"Шәара шәзанааҭдырреи, Боливариатәи Ареспублика Венесуела амилаҭтә интересқәа жәларбжьаратәи аренаҿы рыхьчаразы иҟашәҵо аҽазышәарақәеи, шәыԥсадгьыл аҿы еиԥш, аҳәаанырцәгьы иаԥсоу аҳаҭыри апатуқәҵареи шәзаанагеит. Сара агәра згоит, шәара аҳәынҭқарратә маҵзураҿы ишәымоу аԥышәа ду Боливариантәи Ареспублика Венесуела жәларбжьаратәи аренаҿы иааннакыло аҭыԥ арӷәӷәарази хра злоу аусура амҩаԥгарази ихадоу акакәны ишыҟоу.
Сара даара ахә ҳаракны исшьоит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ишьақәгылаз аиҩызаратә, аиашьаратә еизыҟазаашьақәа. Гәык-ԥсык ала, аԥхарра ду аҵаны исгәаласыршәоит 2025 шықәса ԥхынгәымзазы Манагуа ақалақь аҿы Сандинисттәи Ареволиуциа аиааира агара 46 шықәса ахыҵра иазкыз ацеремониатә усмҩаԥгатәқәа «рынҭыҵтәи» ҳаиҩызаратә еицәажәарақәа. Сақәгәыӷуеит ҳҳәынҭқаррақәа рыбзазаразы ԥхьаҟагьы ҳаинырреи хра злоу ҳусеицуреи ирыцҵахап ҳәа.
Аԥсни Венесуелеи рҳәынҭқаррабжьаратә усеицура аҿиара аизырҳаразы, шәара ианышәзыманшәалоу аамҭазы Аԥсны Аҳәынҭқарра шәаҭааразы ааԥхьара шәысҭоит”.