Олег Барцыц Сергеи Лавров Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра идиныҳәалеит

Олег Барцыц Сергеи Лавров Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра идиныҳәалеит
9 May 2025 74

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлективи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

«Аиааира Амш – иԥшьоу ныҳәоуп, акзаареи, афырхаҵареи, Асовет Еидгыла ажәларқәа рдоуҳатә ӷәӷәареи ирсимволуп. Иахьа, ҳара, аибашьра аветеранцәа рҿаԥхьа ҳхырхәоит, Аиааира Дуӡӡазы иҭахаз ҳаҭыр дула иаҳгәалаҳаршәоит.

Анацист Германиа еилаԥызыххааз асовет солдаҭ ифырхаҵара ахааназгьы кашәара змам хьӡуп, игәалашәароуп, еиҵагылоу абиԥарақәа рзы аҭынчра иашьагәыҭуп.

Иахьатәи аамҭа даҽазныкгьы иҳаднаҵоит еиҭаҿио анеонацизми, аксенофобиеи, аҭоурых ҿыц аиҭаҩразы аҽазышәарақәеи ршәарҭарақәа ӷәӷәала рҿагылара. Анацизма аиааира агара ашьҭахь ԥшьынҩажәа шықәса рышьҭахь, Асовет Еидгыла ашьҭрақәлаҩ – Урыстәылатәи Афедерациа, аиашареи, ахьыԥшымреи, атрадициатә ҵакқәеи ахатә хаҿреи рыхьчаразы аибашьраҿы ҩаԥхьа аԥхьагылара ааннакылеит. Шәышықәсала ҳабжьара иҟоу аиашьаратә еизыҟазаашьақәа ирықәныҟәо, Аԥсны Аҳәынҭқарра астратегиатә ҩыза-тәыла инагӡаны адгылара анаҭоит».

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: