Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Приднестровие Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиеви ареспублика адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлективи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
«1945 шықәса, лаҵарамза, агәымшәареи акзаареи риааира иасимволны наунагӡа аҭоурых аҿы иаанхоит.
Хыԥхьаӡара дула агәаҟрақәеи, арыцҳарақәеи, афырхаҵарақәеи рыла игаз Аиааира Дуӡӡа ахақәиҭразы иқәԥоз ажәларқәа ргәазыҳәара аазырԥшуаз ҿырԥшны иҟалеит. Ҳара наунагӡа ҭабуп ҳәа раҳҳәалоит– ажәылараҿы аума, атыл аҿы аума, ҳаԥсадгьыл ду акәакьқәа зегьы рҿы зхы-зыԥсы иамеигӡакәа ари амш азааигәазтәыз зегьы».