Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Иауз Аҭрышба Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахадас иҟалара идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иануп:
«Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахадас шәалхра инамаданы гәыкала иҟасҵо адныҳәалара шәыдышәкыл.
Ишәзыҟаҵоу агәрагара ҳарак ҳкультуреи, ҳбызшәеи, ҳҵасқәеи атәымтәылаҿы рыхьчаразы ишәымоу ахьӡ-аԥшеи, иаашәырԥшуа амчреи шаҳаҭра рзыруеит. Шәара еснагь шәыԥсадгьыл агәеисра шәалахәын, Аԥсны аԥа иаша иаҳасаб ала 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан уи ахьчара шәгылеит.
Агәра ганы сыҟоуп, шәнапхгаратә баҩхатәреи, аҳәынҭқарратә маҵзураҿы ишәымоу аԥышәеи, шәеиҿкааратә ҟазареи ас еиԥш аҭакԥхықәра ду зцу аҭыԥ аҿы алҵшәа бзиақәа раарԥшра ишацхраауа”.
Ҳдиаспора аҩныҵҟа акзаара, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа ринтересқәа рыхьчара ирзынархоу аԥшьгарақәа рырҭбаара, гәыкалатәи аиҿцәажәара ҳџьынџьуаа рԥеиԥш бзиаз акыр зҵазкуа ракәны иҟоуп.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы даара ахә ҳаракны иршьоит Аԥснытәи акультуратә центрқәа Рфедерациеи аусбарҭеи ирыбжьоу аинырра.
Сара ӷәӷәала агәра згоит, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу Ахаҭарнакреи шәареи Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора рзы аԥеиԥш бзиа змоу аусқәа шынашәыгӡо.
Ишәзеиӷьасшьоит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратәи ауаажәларратәи центрқәа рыцхыраара иазынархоу аусдҵақәа рынагӡараҿ ақәҿиарақәа. Шәмаҵураҭыԥ ҿыц аҿы аманшәалареи аихьӡара ҿыцқәеи шәзыԥшызааит”.