Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа иира Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
"Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ иаҳасаб ала Шәара шәџьабаа акырӡа аҵанакуеит Аԥсни Венесуелеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиараҿы.
Латинтәи Америка атәылақәа рҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә интересқәа рыхьчара аус аҿы Шәара хаҭала шәлагала ахә ҳаракны иаҳшьоит.
Агәра ганы сыҟоуп, ишәымоу амчхара, агәаӷьра, адырра, ԥхьаҟаԥшра, хра злоу аӡбарақәа рыдкылара алшара ҳҳәынҭқарразы хра злоу аусура ишьаҭа ӷәӷәаны ишазыҟоу, ԥхьаҟагьы ус шакәхо”.