Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр и.н. Сергеи Шамба Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа – Аԥшьа цҳаражәҳәаҩ Андреи Аԥхьанаԥхьа иорден ианашьара инамаданы дидныҳәалеит.
Адныҳәаларрҿы ҷыдала иазгәаҭоуп:
“Ари аҳамҭа, Аԥсадгьыл аҿаԥхьа шәылшамҭақәа разхаҵара иасимволуп, Урыстәылатәи Афедерациа аҭоурыхи аҿиареи рҿы шәлагала ду инаҵшьны иаанарԥшуеит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳасаб ала акыр шықәса рыҩныҵҟа шәыпрофессионалтә усура, аусурахь ишәымоу агәацԥыҳәареи аҟәыӷареи иршьаноуп. Шәара шәџьабаа иабзоураны, Урыстәыла адунеи аҿы иааннакыло аҭыԥ ӷәӷәахеит, иуадаҩӡоу аҭагылазаашьақәа рҿгьы амилаҭтә интересқәа рыхьчара алшоит.
Шәара ихадоу ароль нашәыгӡоит аҳәынҭқаррақәа жәпакы рыбжьара апартниорратәи аиҩызаратәи еизыҟазаашьақәа рырҿиаразы, иара убасгьы жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иазырхоу аҭынчратә ԥшьгамҭақәа раларҵәараҿы.
Ҷыдала иазгәасҭарц сҭахуп, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы шәлагала, уи арегион аҿы аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рышьақәыргыларазы акыр зҵазкуа шьаҿаны иҟалеит. Набыцра зқәым шәара шәпозициа, шәдипломаттә знеишьа, ахырхарҭарацәара змоу адунеи ашьақәгыргылараҿы ҳаҭыр ду ақәҵоуп”.