Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟалара идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
“ Акомендант Даниель Ортега Сааведреи, аҩыза Росарио Мурильо Самбранеи напхгара зырҭо Аинышәареи Амилаҭтә Акзаареи Реиҳабыреи, ажәлари, Никарагуа Аҳәынҭқарра ацхадацәеи рыхьӡала, иара убасгьы хаҭала сара сыхьӡала, гәык-ԥсык ала ҳшәыдныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Фореиха аАдәныҟатәи аусқәа рминистрс шәыҟалара.
Агәра ганы ҳаҟоуп аамысҭашәареи агәымшәареи злоу Аԥсны ажәлари анапхгареи аринахысгьы аҭынчра амҩа ианыланы, ахьыԥшымреи амилаҭтә шәарҭадареи хьчо ԥхьаҟа ишцало.
Ҳара ҳ-Никарагуа – ахааназ иныҳәоу, ахааназ ихьыԥшым ахьӡала даҽазныкгьы ишьақәҳарӷәӷәоит ҳажәларқәеи ҳҳәынҭқаррақәеи еидызкыло аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара, ҳусеицура аиӷьтәра ҳаҽшазаҳшәало, еиҳа аиашара зҵоу адунеи аргыларазы ахьыԥшымреи ахалаҳәаақәҵареи рзы иҳамоу азин азхаҵаны”.