Жәабранмза 12, 2026 шықәсазы Аԥсны АдәАР аҿы иҟоу адипломат ҿарацәа Рхеилак алахәылацәа Асҭанда Патараиа, Викториа Маланиа, Асҭамыр Асабуа, Саид Ҭарба авидеоеимадара арежим ала жәларбжьаратәи адипломат ҿарацәа Жәларбжьаратәи Рассоциациа актәи аконференциа рхы аладырхәит.
МГИМО аплошьадкаҿы еизеит москватәи адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа, адәныҟаполитикатә усбарҭақәа русзуҩцәа ҿарацәа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи амчратә усбарҭақәеи рхаҭарнакцәа.
Афорум алахәылацәа урыстәылатәи арҵаратә проект хадақәа дырдырын. Уи адагьы, аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны официалла иаартыз, МГИМО ашьаҭала аус зуло АҾЖәА ашьақәыргыларатә сессиа мҩаԥган.
Адипломатцәа ҿарацәа жәларбжьаратәи Рассоциациа официалла иаԥҵан Урыстәыла АдәАР анапхгара рыцхыраарала 2021 шықәсазы,уи азанааҭтә еимадарақәа рырҿиареи, аҩганктәи ганрацәалатәи аусеицура арӷәӷәареи, аҳәынҭқаррақәа рыбжьара агәрагара аҵакыра арҭбаареи рзы иуникалтәу платформаны иҟоуп.
Уажәазы аиҿкаара еиднакылоит 61 тәыла рҟынтәи 250-ҩык инареиҳаны адәныҟаполитикатә усбарҭақәа русзуҩцәа ҿарацәа.