Цәыббрамза 13, 2026 шықәса рзы Екатеринбург, аконгресс-цәыргақәҵатә центр «Екатеринбург-ЕКСПО» аплошьадкаҿы Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль аартра иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә ихы алаирхәит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.
Иара убасгьы Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа аилазаараҿы иҟаны Аҿар Жәларбжьаратәи рфестиваль аусура иалахәуп Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Тарас Ҳагба, Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Маиа Цыбулевскаиа, Акультура аминистр Даур Ақаҩба.
Афестиваль алахәылацәеи асасцәеи рахь авидеоааԥхьара ҟаиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа ахада В. Путин. Урыстәыла ахада иҟаиҵаз ааԥхьараҿы жәларбжьаратәи аҿартә еинырра ароль ду инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҿар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит азинеиҟарара апринципқәа, ажәларқәа рхала рыҿиарамҩа алхра, иара убас ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи, аҵареи, аҭҵаарадырреи акультуреи реихьӡарақәеи еиҟараны рызнеира шьаҭас измоу аԥеиԥш еицышьақәдыргылаларц.
Аартра ацеремониа рхы аладырхәит 191 ҳәынҭқарра рҟынтәи 10 нызқьҩык инареиҳаны ахаҭарнакцәа. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟынтәи афестиваль ахь инеиит 200-ҩык рҟынӡа аҿар злахәыз аделегациа.
Ҳазҭоу ашықәс азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль арегионалтә программа амаршрутқәа ирылаҵоуп. Цәыббрамза 17-21, 2026 шықәса рзы Аԥсны жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҿиареи, аҿартә еинырра арҭбаареи, еиуеиԥшым атәылақәа рхаҭарнакцәа рыбжьара аиҩызаратә еимадарақәа рырӷәӷәареи ирызку ардырратә ныҟәарақәа рҳәаа иҭагӡаны афестиваль аҳәаанырцәтәи алахәылацәа рделегациақәа аднакылоит.