Ԥхынгәымза 23 – Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш

Ԥхынгәымза 23 – Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш
23 July 2026 47

Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш. Аныҳәа шьаҭаркуп рашәарамза 3, 2005 шықәсазы иҭыжьыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан № 1056-С-XIV ашьаҭала, иагьазкуп Владислав Григори-иԥа Арӡынба ихантәаҩрала ԥхынгәымза 23, 1992 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аҭоурыхтә ӡбара.

Асахьаҭыхыҩ Валери Гамгиа иаԥиҵаз аҳәынҭқарратә символика ашьақәырӷәӷәара Аԥсны Аҳәынҭқарра иҿыцӡоу аҭоурых аҿы ихадоу ахҭысқәа ируакхеит. Ари аӡбамҭа иазгәанаҭеит Аԥсны жәлар аҳәынҭқарратә хҳәаақәҵара рҽазышәара.

Аԥсуа бираҟ агеральдикатә код иааныԥшуеит аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи аҿиареи ихадоу аетапқәа:

Иаарту анапсыргәыҵеи быжь-еҵәаки Аԥсуа аҳра абираҟ ҟаԥшь аҟынтәи иаагоуп. Аҟаԥшь арратә фырхаҵара иасимволуп, иаарту анапсыргәыҵа аҭынчреи, ақьиареи, асасдкылареи ирдыргоуп. Иаарту анапсыргәыҵа шкәакәа афон ҟаԥшь аҿы – Аԥсуа аҳра аан ишьақәгылаз, 12 шәышықәса зхыҵуа аԥсуа ҳәынҭқарра иасимволуп.

Хә-кәакьк змоу аеҵәақәа быжьба анапсыргәыҵа аханы иаадырԥшуеит Аԥсны аҭоурыхтә хәҭа хадақәа быжьба: Асаӡ, Бзыԥ, Гәыма, Абжьуа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ԥсҳәы-Аибга. Урҭ ирыҵаркуан аԥсуаа ретникатә ҵакыра аӡиас Хосҭа (аублаақәа рҳәаа) инаркны Егры аӡиас (агырцәа рҳәаа) аҟынӡа, Амшын Еиқәа инаркны Кавказтәи ашьхақәа рҟынӡа.

Зҽеиҭныԥсахло ацәаҳәа иаҵәақәеи ацәаҳәа шкәакәақәеи 1918 шықәсазтәи Ашьхаруа Республика атрадициақәа ирхылҿиаауеит: аиаҵәа ԥшшәы аԥсҭазаара иасимволуп, ашкәакәа — атәыла аԥеиԥш лаша иасимволуп.

Аԥсны жәлар ргәымшәареи имҟәуа ргәаҳәареи аарԥшны, цәыббрамза 30, 1993 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Егры аӡиас ала аҳәынҭқарратә ҳәааҿы иқәыргылан. Ашьҭахь Аҳәынҭқарратә бираҟ официалла ианашьан Аиааира Абираҟ азакәанԥҵаратә статус.

Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарратә бираҟ аҳәаанырцә иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә Хаҭарнакрақәа ирхашәыршәыруеит, уи аҳәынҭқарратә суверенитети, иузаҟәымҭхо жәларбжьаратәи асубиектреи, адунеитә аренаҿы амилаҭтә интересқәа рыхьчараз агәаӷьра ӷәӷәеи ирсимволуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аныҳәа рыдаҳныҳәалоит!

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: