Цәыббра 30 рзы Аԥсны иазгәарҭон Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны иналукааша арыцхә, Ахақәиҭтәра 24-шықәса ахыҵра. Абри амш аҽны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи аусзуҩцәеи Ахьӡ-аԥша апарк аҟны иҟоу Амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Дара иара убасгьы иаҭааит Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу ақыҭа Ешыра.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Ахьӡ-аԥша апарк аҟны иҟоу Амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит
30 September 2017 914