Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәамҭа

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәамҭа
30 January 2025 141

Ҳара азхьаԥшра аҳҭеит Into the Open Music Festival «Rituals» (Берлин) асаит аҿы «ақ. Сохум аҳәынҭқарратә драматә театр» ҳәа изышьҭоу азы аинформациеи афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны уи ақәгыларақәеи ирызкыз акьыԥхьымҭа.

Инаҵшьны иазгәаҳҭоит ари атеатр Аԥсны Аҳәынҭқарра ишадҳәалам. Ҳара иаҳҳәоит Қырҭтәыла акультура ахархәарала Аԥсны урыстәылатәи ар ирымпыҵархалеит, 400 нызқьҩык инареиҳаны ақырҭцәа алырцеит ҳәа аҵабырг зынӡа иаҵанамкуа агәаанагарақәа адунеизегьтәи ауаажәларра рхаҭарнакцәа рыларҵәаразы иҟанаҵо аҽазышәарақәа аиаша иацәыхароуп ҳәа.

Аҭоурых аиҭакра ақырҭуа пропагандазы иҿыцу акакәӡам.

Ақырҭуа ган 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны бџьаршьҭыхла ишақәлаз афакт ауаатәыҩса ирханаршҭыр аҭахуп, убри азы акультуратә усхк аҿы апропагандагьы ахархәара анаҭоит, аҭоурыхгьы еицанакуеит. Қырҭтәыла ахаҭарнакцәа еиуеиԥшым адунеизегьтәи афорумқәа рҿы, ООНгьы уахь иналаҵаны, ари аҩыза агәаанагара аарԥшразы алшара дуқәа рымоуп.

Убри аан, ақырҭуа ган аԥшьгамҭақәа рыла Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟынтәи арҿиаратә коллективқәа аҳәаанырцә ақәгыларазы рылшарақәа ԥкуп, уахь иаҵанакуеит аколлективтә Мраҭашәара ҳәа изышьҭоу атәылақәа рвизатә политикеи аԥсуа артистцәа еиуеиԥшым аҩаӡарақәеи ахырхарҭақәеи змоу жәларбжьаратәи аформатқәа рахь хықәкыла рнамԥхьареи.

Убри инамаданы, ҳара амузыкатә фестиваль "Into the Open (ITO)" (Берлин) аиҿкааҩцәа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит, аԥаршеи дыррақәа рыларҵәареи, аполитикатә хықәкқәа рынагӡаразы акультура ахархәареи адгылара рырымҭаларц.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: