Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев адипломат идиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш.
«Иахьа ҳаиашьаратә республика, Аԥсны ажәлар иазгәарҭоит рныҳәа хада - Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш. Ҳара Аԥсныҟа адныҳәалара ҳашьҭит. Иаҳҭахуп шәаргьы ҳшәыдныҳәаларц, Аԥсны ажәлар рҟынӡа иҳазнажәгарц ҳажәа ҟәандақәа, иҟаҳҵо азеиӷьашьарақәа» ҳәа иҳәеит Алан Гаглоев.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иазгәеиҭеит атәыла анапхгареи Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭеи аимадара бзиа шрымоу, агәыӷра ааирԥшит ԥхьаҟагьы русеицура шырӷәӷәахо.
«Аахыҵ Уаԥстәыла аганахь ала еснагь ҳаиашьаратә жәлар рыдгылара ҳазыхиоуп. Сшәыҳәоит атәыла ахада Аслан Гьаргь-иԥеи аԥсуа жәлари ҳасалам рышәҭарц» ҳәа иҳәеит Алан Гаглоев.
Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев ахада иусқәа иҽырхаршәаланы дахьидикылаз ҭабуп ҳәа ахиҳәааит.
«Аԥсны ажәлар иазгәарҭоит рныҳәа хада - Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш. Аԥсны ирҳәоит аиааира ада ахьыԥшымрагьы зыҟаломызт ҳәа. Аиааира амш аагаразы амҩа цәгьа ианыстәын.
Аԥсны иреиӷьӡаз аԥацәеи аԥҳацәеи рыԥсҭазаарақәа ахҭнырҵеит аиааира. Урҭ ирывагылан кавказтәи ареспубликақәа рхаҭарнакцәа, ҳәарада Аахыҵ Уаԥстәыла аԥацәагьы. Ирацәаҩуп Аԥсны амш лаша азаагара зхы ақәызҵазгьы» ҳәа азгәеиҭеит ацҳаражәҳәаҩ.
Иара убасгьы дазааҭгылеит Аслан Бжьаниеи Алан Гаглоеви рылшарала атәылақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа аҩаӡара ҳарак рыманы ишыҟоу, адипломат агәыӷра ааирԥшит урҭ ԥхьаҟа еиҳагьы мҽхакыҭбаала аҿиара роуп ҳәа.