2025 шықәса, рашәарамза 5 – 7 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациа официалла даҭаауеит.
Рашәарамза 6 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара.
Аганқәа рылацәажәараны иҟоуп ҩ-ганктәи аԥсны-урыстәылатәи усеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа.