Гал араион Папанырхәа ақыҭан амцакра иахҟьаны хәҩык ахәыҷқәа ахьҭахаз арыцҳара инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа назыгӡо Бадра Гәынба иқәҵарала ажьырныҳәамза 6 Аԥсны лахьеиқәҵаратә мшны ишьоуп.
Аҳәынҭқарратә бираҟқәа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы рҿы иларҟәуп, агәырҿыхагатә усмҩаԥгатәқәеи апрограммақәеи акультуратә усбарҭақәа рҿы, ателехәаԥшраҿы, арадио аҿы рымҩаԥгара аанкылоуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ажьырныҳәамза 6 лахьеиқәҵаратә мшны ишьоу

5 January 2025 76